Акоронавирус злаз ԥшьҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21061-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16763-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 289-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 385-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 136-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 67 шықәсеи 76 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәса. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 89 шықәса зхыҵуаз апациентка. Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 79 шықәса зхыҵуаз апациентка.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 183-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 61-ҩык, ибжьаратәуп - 67-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 25-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 51-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>