Аԥснытәи аҽыҩқәа Ростов-на-Дону аиааира ргеит

Афедералтә ԥхьахә ду аиуразы хышықәса зхыҵуа аҽанқәа реиԥхныҩлара мҩаԥган Ростов-на-Дону аҽырҩырҭаҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аҽқәа актәи аҭыԥи аҩбатәи аҭыԥқәа ҩбеи ргеит Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз аҽеиԥхныҩлараҿы ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациа ахада Милор Шәлымба.

Иара иҳәеит арҭ аиԥхныҩларақәа рҿы 12 ԥхьахә рзы ишеиндаҭлоз. Аԥхьахә "Анилина" аиуит 2000 метра иҩуаз аҽы Сафари Кет. Аҽы итәуп Даур Агәхаа, аҽыҩҷкәын – Адам Шегушев.

2000 метра аԥхьахә "Мономах" агаразы аиԥхныҩлараан аҩбатәи аҭыԥ агеит Ахра Бебиа иҽы – Генерал Первыи. Аҽыҩҷкәын – Адам Шегушев. 1400 метра, Асоциалисттә џьа афырхаҵа "А.И. Майстренко" иаԥхьахә агаразы аиндаҭлараан аҩбатәи аҭыԥ агеит аҽыҩ Мимоза Баи. Аҽы ихатәуп Нодар Ҵышәба, аҽыҩҷкәын – Дмитри Кардиа.