Бзыԥтәи аҩхааҿы адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа аԥыхуп

Риҵатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа Аӡиа иаҵәа азааигәара амшцәгьақәа ирыхҟьаны ахәаша ԥхынгәы 23 рзы адгьыл ҳәазеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Бзыԥтәи аҩхааҿы иҟалаз адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа аԥыхуп, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.

"Амҩаду ианаҳалаз ахаҳә-мҿыхә зегьы ықәганы, алыкь ықәыӡәӡәааны иаха ахәылбыҽха ирыцқьаны ҳалгахьан. Амашьынақәа рныҟәара аанаҳамкылаӡеит, хәыҷык ауадаҩрақәа шыҟазгьы. Уажәазын амҩа цқьоуп, иаартуп абжьааԥны еиԥш", - иҳәеит Багаҭелиа.

Бзыԥтәи аҩхааҿы Аӡиа иаҵәа азааигәара иауаз ақәаршыҩ иахҟьаны иахагылаз ахәаҟынтәи ахаҳә-мҿыҳә зегьы амҩа ианаҳалеит.

Ари еиԥш ахҭысқәа Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи амзақәа рзын изныкымкәан иҟалақәахьеит. Лаҵарамзазы Ауадҳара адгьылҳәазара иҟалаз иахҟьаны аӡиа Мзыҟа уҩазго амҩа шәаҳан. Багаҭелиа иажәақәа рыла, амҩақәа рашәарамзаз идрыцқьахьан, уадаҩра ҳәа акагь ыҟаӡамызт.