Гагра нанҳәамзазы амшын аҿықәан аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа ирылашәеит

Аԥсшьаразы анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU аҿы еилыркааит 2021 шықәса нанҳәамзазы амшын аԥшаҳәаҿы ԥсшьара уцар ахьалшо.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Гагра урыстәылатәи атуристцәа нанҳәамзазы аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа иреиуахеит ҳәа аарыцҳауеит амаҵзура TVIL.RU аҿы.

Уа иаарго адыррақәа рыла, аԥсшьаҩцәа амшын аҿықәан нанҳәамзазы анхарҭақәа аҿарҵоит ааха инаркны жәаханӡа, уахык азы инырхуеит ҩ-нызқь инаркны ԥшь-нызқь мааҭ рҟынӡа.

Иазгәаҭоуп, зегь реиҳа хәмариала Еиск аԥсшьара шалшо, еиҳа аԥара ныхтәхоит Иалта.

Нанҳәамзазы амшын аҿықәан аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа иреиуоуп:

Евпаториа

3 181 мааҭ

10 (жәаха-жәамш)
Иалта4 420 мааҭ9 (жәаха-жәымш)
Феодосиа3 019 мааҭ9 (жәаха-жәымш)
Алушта3 421 мааҭ10 (жәаха-жәамш)
Шәача2 796 мааҭ10 (жәаха-жәамш)
Судак3 108 мааҭ9 (жәаха-жәымш)
Гагра2 622 мааҭ10 (жәаха-жәамш)
Анапа2 435 мааҭ10 (жәаха-жәамш)
Геленџьик2 884 мааҭ

10 (жәаха-жәамш)

Еиск2 247 мааҭ10 (жәаха-жәамш)

Асиа шьақәыргылоуп аԥсшьаҩцәа 2021 шықәса нанҳәамзазы иаҿарҵаз анхарҭақәа рзы адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: