Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Акаԥа ақыҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы

Акаԥа ақыҭа ахада Зураб Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афымцалашареи амҩақәеи рзы ирымоу ауадаҩра атәы, иҳәеит анхацәа ирыбзазашьоу.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Акаԥа ақыҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы

Аиҿцәажәараҿы ақыҭа ахада иҳәеит уаанӡа аӡазы ирымаз ауадаҩра шаԥыху, уажәы изыргәамҵуаны иҟоу афымцалашара амчхара амаҷра шакәу.

"2014 шықәса рзы иргылан ашьаҟақәа. Уи аахас ацәаҳәақәа рыҟаҵара алмыршахеит. Ааигәа ҳақәдыргәыӷит ари апроблема шыӡбахо. Ҳара иаҳҭахуп 3 километра афымцатә цәаҳәақәа. Иахьа иҳамоу алашара амчхара даара имаҷуп, иҳазхаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.

Акаԥа ақыҭа ахада иҳәеит амҩақәа рҭагылазаашьа уамак ишҽеим, убри аан ақыҭатәи ауахәама иаҭаауа рхыԥхьаӡара рацәоуп, аԥсшьаҩцәагьы уахь иналаҵаны.

"Ааигәа иҟаз амшцәгьаан амҩа еиҳагьы иԥхасҭахеит. Акомиссиа ыҟан, ирбеит, иаарласны аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: