Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿ "анхацәа" ҿыцқәа нанагеит

Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник аҿы инхоит 600 рҟынӡа хы. Апитомник анапхгара аҭааҩцәа радԥхьаларазы урҭ рхыԥхьаӡара аиҳатәра рыгәҭакуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Алемурқәа хԥеи "игрунокқәа" ҳәа изышьҭоу амаамынхкқәа хԥеи амаамынааӡарҭахь иааргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аексперименталтә патологиеи амедицинеи рыҭҵаарадырратә институт адиректор Зураб Амқәаб.

Иара иҳәеит урҭ Урыстәылантә ишааргаз. Алемурқәа аҭагылазаашьа ҿыц рҽадыршьцылахьеит, игрунокқәа акклиматизациа иахысуеит.

"Ахкқәа рацәаны иҳамамызт. Даара агәахәара ҳамоуп. Ҵыԥх иаагеит акапуцинқәа, уажәы алемурқәеи игрунокқәеи. Ари атуристцәа аднаԥхьалоит. Ԥхьаҟа иҵегь еиҵыҵып ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿ "анхацәа" ҿыцқәа нанагеит

Алемурқәа ахьҭаку аҭраҿы аҵламахәқәа ҭадыргылеит аԥсабараҿеиԥш ихаланы рҵыхәала иахьынҳалаларц. Игрунокқәа аҭрахьы ашәахьазы ииаргоит. Дара ашәыр, ауҭраҭых, акәтыжь, акәтаӷь рҿарҵоит, иара убасгьы ирырҭоит аҟашәеилаԥса.

Салаҟаиаԥҳа: ҳинститут иамаӡам аӡыргара ахә, ҳфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩуп

Амқәаб иажәақәа рыла, жәабаҟа мшы рышьҭахь даҽа хкыкгьы ааргоит – саимири. Дара аигрунокқәа иреиҳам.

Аҵарауаҩ иҳәеит аԥстәқәа зегьы шыбнатәқәоу, рылакьысра шыҟамло. Аҭааҩцәа рыламкьысларц азы авольер акаҭа акәдыршеит.

"Иҟоуп аҭааҩцәа ателефон кны знапы акаҭа икылызго. Иҟалалоит амаамынқәа ателефон анырго", - ҳәа иҳәеит Амқәаб, иагьазгәеиҭеит сынтәа аԥсшьаҩцәа уаанӡа аасҭа ишеиҳау.

Убри аан иазгәеиҭеит апитомник ахь уназго амҩа апроблема шамоу. Иара аиҳарак акапиталтә ремонт аҭахуп. Иҟоуп адгьыл ахьыҳәазаз. Убри инадҳәаланы атуристтә еилахәырақәак уахь аклиентцәа рхагалара рҭахым. Сметала амҩа аремонт 6-8 миллион мааҭ аҭахуп.

Аԥсны Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут аҟны аимҳәаршәааз алаҵа ԥыршәоит

Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник аартын 1927 шықәса рзы Николаи Семашко дзаԥхьагылаз аҵарауаа раԥшьгарала. Раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥган 1930-тәи ашықәсқәа раан.

50-тәи ашықәсқәа раан Амедицина-биологиатә станциаҿ абиологиеи амедицинеи рактуалтә проблемақәа аус рыдызуло раԥхьатәи акадрқәа азыҟарҵо иалагеит.

1957 шықәса рзы Астанциа Асовет Еидгыла Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут ҳәа еиҭакын. 1958 шықәса рзы аинститут дахагылеит москватәи аҵарауаҩ қәыԥш Борис Лапин.