Аԥсны Апарламент Урыстәыла Афедерациатә хеилак ахь ааԥхьара аднамкылеит

Аԥсны Апарламент адепутатцәа атәыла ахада акоронавирус аламырҵәаразы аԥкырақәа ралагаларазы абжьагарақәа изынарышьҭит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны Апарламент Жәлар реизара Урыстәыла Афедерациатә хеилак ахь рааԥхьаразы ақәҵара аднамкылеит. Абжьыҭара мҩаԥысуан изаамҭанытәим асессиа аилатәараҿы ԥхынгәы 26 рзы.

Ааԥхьара атекст аҿы аепидҭагылазаашьа инадҳәаланы Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахь аҳәара ҟанаҵон:

  • Ауааԥсыра урыстәылатәи алаҵақәа рзыҟаҵаразы;
  • Аԥсны аҳақьымцәа рыцхрааразы аҷаԥшьаратә усутә ала урыстәылатәи аҳақьымцәа раашьҭразы;
  • Акоронавирустә инфекциа ахәышәтәра апротокол иалаку, Актемреи Артлегиеи реиԥш иҟоу ахәшәқәа раахәаразы.

Жәлар Реизара адепутатцәа атәыла ахада иабжьыргеит COVID аламырҵәаразы аԥкырацҵақәа алеигаларц. Абри азы ирыдыркылеит ақәҵара асессиа аилатәараҿы.