COVID-19 злаз даҽа хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21250-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16990-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 294-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 559-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 189-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 64 шықәсеи, 71 шықәсеи, 83 шықәсеи зхыҵуаз ахацәа, иара убас 86 шықәсеи, 80 шықәсеи зхыҵуаз аҳәса.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 189-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 65-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 52-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>