COVID аҿагылареи афымцамч зҭагылоу ауадаҩрақәеи ирылацәажәараны иҟоуп Аԥсны Апарламент аҿы

Ԥхынгәы 16 азгьы изаамҭанытәим аилатәараҿы Апарламент арҭ азҵаарақәа аӡбраны иҟан, аха усҟан амшхәаԥштә азҵаара иахәҭаз абжьқәа амоуит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥнагараны иҟоуп ашәахьа, ԥхынгәы 26 азы.
Амшхәаԥштә азҵаараҿы иқәгылоуп:

  • Акоронавирустә инфекциа алаҵәара алмыршаразы хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа
  • "ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзы ихрам аҟазшьа змоу аенергетикатә усхк аҟны акризис" иадҳәаланы ахада иахь ааԥхьара.

Ԥхынгәы 16 азгьы изаамҭанытәим аилатәараҿы Апарламент арҭ азҵаарақәа аӡбраны иҟан.

Усҟан амш аусхәаԥштә азҵаарақәа ԥшьба алан: "Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы", "Аԥсны Жәлар Реизара атәыла ахада иахь рааԥхьара", "акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы зхырԥара амуа аусмҩаԥгатәқәа рзы", "Аԥсны Жәлар Реизара афымцамч зҭагылоу ауадаҩрақәа инарымаданы атәыла ахада иахь рааԥхьара".

Усҟан амшхәаԥштә азҵаара иахәҭаз акворум амоуит. Гәыԥк  адепутатцәа, иара иадгылоз, АИХ рзы Апарламент аҿы абрифинг мҩаԥыргеит, иаҿагылоз – Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы ацәажәара еиҿыркааит.