Аӡхыҵрақәеи аԥша ӷәӷәеи: Аԥсны илеиз ақәаршҩы аԥхасҭа ҟанаҵеит

Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, ашьхарахь аӡқәа хыҵит, аԥшацәгьа асуан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Амшцәгьа аиҳарак иаҵанакит Гәдоуҭа ақалақьи Гәдоуҭа араиони ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Аӡиасқәа ҩ-метрак еиҳаны иахьышьҭыҵыз ыҟоуп. 350 ҩны аӡы рыҵалеит. Ауаа аҭыԥ аҟынтәи иқәыргоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

"Аиқәырхаратә операциа иалахәуп 7 акк атехника, 45-ҩык амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәшақәа русзуҩцәа Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа рҟынтәи. Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы амҩақәа Ҷанба, Шьиглова, Агрба, Ашәхәаҵаа рҟны аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Аха ара ауаа рахыгара аҭахымхеит", - аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ 5 акк атехника ҷыда ахархәара арҭеит.

Очамчыра араион аҿы Дӷамшь аӡиас аамҭак ареспубликатә трассаҿы амҩасра аруадаҩит.

АҶА аусзуҩцәа иаашаанӡеи иахьеи аус руеит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа аҭагылазаашьа аладырҵәоит. Уаанӡа шәарҭара змамыз аӡыҷҷақәа ракәзар ихыҵны идәықәлеит.

Кьылашәыр аҩадатәи ахәҭаҿы аҩнқәеи амҩақәеи аӡы рықәуп, ааигәа ишьҭарҵаз аӡымҩангагақәа аӡы иагеит.

Гәдоуҭа араион ареспубликатә мҩаду аӡы анылеит. Амессенџьер ала иҭыхыз авидео аҿы иубоит абылтәҭаҭәарҭатә станциа аӡы ишылагылоу.

Гәдоуҭа, Замостианка иахьаҵанакуа аӡиас Гәдоу жәабаҟа ҩны ирыҵалеит.

Ишьақәыргылам аинформациала Гәдоуҭа амашьынақәа аӡы иахьагаз ыҟоуп.