Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит "Бзыбь-220" аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны

Ԥхынгәы 27 ауха Аԥсны иахьаҵанакуа ақәа ӷ́әӷәаны илеиит, ашьха ӡиасқәа шьҭыҵит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит зымчхара ҳараку афымцацәаҳәа "Бзыбь-220" аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Sputnik иамоу аинформациала уажәазы лашарада иҟоуп Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рыхәҭак.

Иазгәаҭоуп зымчхара ҳараку афымцацәаҳәақәа рышьаҟақәа ҩба шкаҳаз. Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аус руеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.