Жә-шықәса раԥхьа иӡыз аҷкәын Цандрыԥшь иԥшаара еиҭахацыркуп

Хьрыԥс Маршьан иуацәа ишырҳәо ала жә-шықәса раԥхьа Очамчыра араион ашьхараҿы дыӡит. Усҟан иара 15 шықәса ихыҵуан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Жә-шықәса раԥхьа иӡыз аҷкәын Хьрыԥс Маршьан Цандрыԥшь иԥшаара еиҭахацыркуп. Аинформациа шьақәдырӷәӷәеит иуацәа, аиланхарҭа анапхгара, аҭыԥантәи амилициа аусзуҩцәа.

Хьрыԥс ианшьа Витали Ажьиба ишиҳәо ала 2012 шықәса рашәара 27 азы Очамчыра араион Лаҭа ақыҭан аҷкәын дыӡит.

"Уаҵәы жә-шықәсеи мызки ҵуеит хабарда дыӡижьҭеи. Иара усҟан 15 шықәса ихыҵуан. Даныӡ ашьҭахь ашәанцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит. Урҭ 120 000 доллар ҳаур дшәаҳҭоит рҳәеит", - еиҭеиҳәоит Ажьиба.

Иара иазгәеиҭеит иеиҭаԥшаара ишалагаз мышқәак раԥхьа Хьрыԥс Маршьан иеиԥшу аӡәы Цандрыԥшь данырба ашьҭахь.

Цандрыԥшь амилициа аиҳабы Ерик Хәытаба иажәақәа рыла, аԥшаарақәа ирылахәуп амилициа аусзуҩцәа, атакси арныҟәцаҩцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра.

"Иацы ҳлацәажәон аҭыԥантәи аԥҳәыс. Лара лажәақәа рыла иара абетон зауад ааигәара дылбеит. Ҳара уахь ҳнеиит аха ихабар ыҟамызт. Лара ишылҳәо ала илбаз аҷкәын иааигны, аукы, ажакьа иҿоуп, ихцәы еиқәароуп. Ифотосахьақәа зехьынџьара икнаҳҳаит. Иарбанызаалак аинформациа змоу абри аномер ала аҭел иасыр ауеит: 761 02 02", - иҳәеит Хәытаба.

Жә-шықәса раԥхьа иӡыз аҷкәын Цандрыԥшь иԥшаара еиҭахацыркуп

Азинхьчаратә усбарҭақәа Маршьан игәакьацәа ирыҿцәажәеит. Ариаҟара аамҭа аҷкәын дыӡит ҳәа амилициа рахь адырра зыҟашәымҵеи ҳәа ианразҵаа,- ҳхала ҳишьҭан рҳәеит.

Цандрыԥшь ахада Давид Дасаниа иазгәеиҭеит дара рахь аӡәгьы аҷкәын дыӡит ҳәа адырра шыҟарымҵацыз. Иара иажәақәа рыла ара ауаа маҷуп, Маршьан уа дыҟазар дрымбар алшомызт.