Арадио

Ҳаразиа еиҭеиҳәеит амшцәгьа ашьҭахь Гәылрыԥшьаа ӡыла ианеиқәыршәахо атәы

Гәылрыԥшь араион ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Рауль Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 27 ауха амшцәгьа ирнаҭаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Ҳаразиа еиҭеиҳәеит амшцәгьа ашьҭахь Гәылрыԥшьаа ӡыла ианеиқәыршәахо атәы

"Ӡыгәҭа ақыҭаҟны астанциа ахьгылоу Кьалашәыр аӡы хыҵын, аӡыҭгагақәа ӡыла ихнаҩеит, аӡиас аԥхьа ицоз аӡымҩангагақәагьы шәарҭоуп. Аӡы лаҟәыр унеиртә иҟалоит, иара амҩагьы шәарҭоуп. Аӡыҭгагақәа амхны иганы ирбатәуп, уи уахыки - ҽнаки аҭахуп. Хымшҟа ҳадхалар ҟалоит ауаа аӡы рыҭаразы, убас иҟоуп аҭагылазаашьа. Ари ҳаргьы иаҳҭахымызт, Анцәа иҳаҭәишьаз ауп. Ауаа ақәҳаргәыӷыр ҳҭахым, ҳшеиқәшәо ҳаздыруам, убри аҟынтә хымшҟа ҳагоит ҳәа азгәаҳҭоит", - иҳәеит Ҳаразиа.

Шәазыӡырҩы аудио.