Раионк аԥсҭазаараҟынтә: амшцәгьа ашьҭахь Гәылрыԥшь ӡыла аиқәыршәара атәы
"Ӡыгәҭа ақыҭаҟны астанциа ахьгылоу Кьалашәыр аӡы хыҵын, аӡыҭгагақәа ӡыла ихнаҩеит, аӡиас аԥхьа ицоз аӡымҩангагақәагьы шәарҭоуп. Аӡы лаҟәыр унеиртә иҟалоит, иара амҩагьы шәарҭоуп. Аӡыҭгагақәа амхны иганы ирбатәуп, уи уахыки - ҽнаки аҭахуп. Хымшҟа ҳадхалар ҟалоит ауаа аӡы рыҭаразы, убас иҟоуп аҭагылазаашьа. Ари ҳаргьы иаҳҭахымызт, Анцәа иҳаҭәишьаз ауп. Ауаа ақәҳаргәыӷыр ҳҭахым, ҳшеиқәшәо ҳаздыруам, убри аҟынтә хымшҟа ҳагоит ҳәа азгәаҳҭоит", - иҳәеит Ҳаразиа.
Шәазыӡырҩы аудио.