Акәасқьа, аԥацха, амҳара: Мгәыӡырхәатәи амилаҭтә парк амаӡақәа

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаатит аԥсуа инхашьа-инҵышьа, иԥсҭазаашьа атәы аазырԥшуа амилаҭтә парк "Аԥсны".
Sputnik

Аԥсуа иашҭа-акәасқьа, аԥацха, амҳара, аԥсуа инхашьа инҵышьа, иҧсҭазаашьа аазырԥшуа ҭыԥуп ааигәа иаартыз амилаҭтә парк "Аԥсны". Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа аӡиас Мҷышьҭа ахықәаҿы иаарту апарк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит.

Аҭыԥантәи ауааԥсыреи урыстәылатәи аррамаҵзурауааи рзы апарк аҭаара хәыдаԥсадоуп.