Акоронавирус злаз хәҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21417-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17235-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 299-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 495-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 167-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык апациентцәа: 57 шықәса зхыҵуаз хаҵаки, 57 шықәсеи, 68 шықәсеи, 80 шықәсеи зхыҵуаз хҩык аҳәсеи. Иара убас, аҟәатәи ачымазараҿкытә хәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1960 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 172-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 46-ҩык, ибжьаратәуп - 56-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 51-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>