Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахәмаррақәа ианеиҭарылаго азгәаҭоуп

Ашьапылампыл азы Аԥсны аҩеижәи аабатәи ахәмаррақәа акомандақәа ааба рылахәуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахәмаррақәа ианеиҭарылаго азгәаҭоуп – нанҳәа 31 ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри аҩыза аӡбра аднакылеит ашьапылампыл азы Афедерациа ҳәа аанацҳауеит Афедерациа апресс-маҵзура.

Афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩқәа шыҟоугьы ачемпионат х-еикәшаракны имҩаԥгахоит уаанӡа ишазгәаҭаз аиԥш. Абасала Аԥсны ахраҿаз ачемпионат абҵарамзанӡа имҩаԥысуеит.

Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба ишиҳәо ала раԥхьаӡа акәны ахәмаррақәа зегьы Аԥсуа телехәаԥшраҿы ишиашо ицо аефир ала идырбахоит.

Ачемпионат актәи аикәшара рашәарамзаз ихыркәшан, атурниртә таблица хыхьтәи ацәаҳәаҿы игылан "Гагра".

XXVIII Аԥсны ачемпионат аа-командак алахәуп: "Саӡ", "Гагра", "Афон", "Ри`wа", "Динамо", "Нарҭ", "Самырзаҟан", "Шахтиор".