Аԥсуа инхашьа-инҵышьа: иблахкыгоу аетнографиатә парк

Sputnik

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаарту аетнографиатә парк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Аҭааҩцәа ирбарц рылшоит ажәытәан аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа зеиԥшраз, иахьынхоз рыҩнқәа шеиҿкааз, рхы иадырхәоз амаҭәарқәеи аҩнымаҭәеи, афатә ахьыҟарҵоз.

Апарк аҵакырадгьыл аҟны иҭагылоуп аԥацха, амҳара, акәасқьа, ара аекскурсиақәа мҩаԥыргоит.

Амилаҭтә парк "Аԥсны" аргыларазы мҽхакы ҭбаала аусурақәа хышықәса ицон. Апроект авторс дамоуп анаплакҩы Мзауҷ Ԥлиа, ацхыраара ирҭеит аҵарауаҩ Адгәыр Какоба, асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа, Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак аиҳабы Ҭемыр Ӡиӡариа.

Аԥсны ауааԥсыреи урыстәылтәи аррамаҵзурауааи рзы апарк аҭалара хәыдаԥсадоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

1 / 18
Ԥхынгәы 27 рзы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаатит аԥсуа инхашьа -инҵышьа, иԥсҭазаашьа атәы аазырԥшуа амилаҭтә парк "Аԥсны".
2 / 18
Аҭааҩцәа араҟа ирбарц рылшоит ажәытәан аԥсуаа рынхарҭақәа зеиԥшрази, рыҩныи-рашҭеи, рхы иадырхәоз амаҭәарқәеи
3 / 18
Апарк аҵакырадгьыл аҟны иҭагылоу ахыбрақәа амузеи ҳасабла иҟоуп
4 / 18
Аԥсуа милаҭтә маҭәа. Автор Елена Лабахәуа.
5 / 18
Ари агара Тҟәарчал амҩаду аҟны иангылан иԥшааит асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.
6 / 18
Амузеи иҩнагылоу амаҭәарқәа еидкылан шықәсқәак рыла.
7 / 18
еиҳарак анхацәа ҳамҭас ирырҭеит
8 / 18
Ахыбрақәа рҟны аекскурсиақәа мҩаԥыргоит. Амҩаԥгаҩцәа еиҭарҳәоит аԥсуаа рҵасқәеи, рқьабзқәеи зеиԥшроу
9 / 18
Амҳара – ҿыц еибагаз рыҩноуп
10 / 18
"Амҳара – ҩны хәыҷуп, иаабац аԥацхеиԥш ишышны аҭыӡқәа шьҭхуп. Уи аҩнду ашьҭахь идыргылон, жәабаҟа-ҩажәаҟа метра иаацәыхараны", – ҳәа иҩуан аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа.
11 / 18
Амҳара иҩнагылаз аҩнымаҭәа
12 / 18
Апарк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит
13 / 18
Аԥсуа иашҭа иаакәыршаны аанда абыц ала ишшуп.
14 / 18
Аԥш зҭарыԥсо- аца
15 / 18
Мҷышьҭа ахықәаҿы иаарту апарк аҵакырадгьыл иҭагылоу ахыбрақәеи, ирыҩнагылоу амаҭәарқәеи аԥсуареи, ақабзқәеи, аҵасқәеи бзиа избо зегьы азҿлымҳара рзаҵалар алшоит.
16 / 18
Аԥсуа иԥацха аиҿкаашьа
17 / 18
Апарк аҟны ахыци-ахәымпали рыла ахысшьеи, аҽы ақәтәашьеи ддырҵоит
18 / 18
Апарк аҟны аус руеит ажьирҭеи аҳаԥшьаӡратә аҟазарҭеи