Аԥсуа иашҭа-акәасқьа, аԥацха, амҳара, аԥсуа инхашьа инҵышьа, иҧсҭазаашьа аазырԥшуа ҭыԥуп ааигәа иаартыз амилаҭтә парк "Аԥсны". Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа аӡиас Мҷышьҭа ахықәаҿы иаарту апарк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит.
Аҭыԥантәи ауааԥсыреи урыстәылатәи аррамаҵзурауааи рзы апарк аҭаара хәыдаԥсадоуп.