Арадио

Аҟәысба Ҭырқәтәыла атуристцәа рганахьала аԥкрақәа рзы: макьана ишыҟац иаанхоит

Ҭырқәтәыла урыстәылатәи атуристцәа рзы аковидчымазара аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа дырӷәӷәарц ауп. Ачымазараҿкы аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа федерациақәа рхада Аҭанур Аҟәысба.
Sputnik
Аҟәысба Ҭырқәтәыла атуристцәа рганахьала аԥкрақәа рзы: макьана ишыҟац иаанхоит

Ҭырқәтәыла аинфекционистцәа реидгыла ахада Мехмет Џьеихан ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи атуристцәа рзы аковидчымазара аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа дырӷәӷәарц. Уи аԥхьа Агәабзиарахьчара аминистр Фахреттин Коџьа аԥкра ӷәӷәақәа ирзыхынҳәырц иҳәеит.

Ҭырқәтәыла фышықәса иреиҳабу алаҵа змам атуристцәа уахь инеиаанӡа 72 сааҭ шагыз иҟарҵаз ПЦР-тестқәа рымазароуп ма COVID-19 шрыхьхьоу азы ашәҟәы. Алаҵа ззыҟаҵоу уи азы асертификат рымазароуп. Асертификат англыз бызшәала ихарҭәаазароуп, аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы адыррақәа анубаалозароуп.

Ҭырқәтәыла урыстәылатәи атуристцәа рзы аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа дырӷәӷәоит

COVID-19 аԥырҟәҟәаразы аоперативтә штаб иаӡбеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркызарц рашәарамзазы.

"… иаадыртиижьҭеи, аиашазы, рхыԥхьаӡара рацәоуп иааз, аиҳараӡак Урыстәылантәи ауп (атуристцәа-азгәаҭа), европантәигьы иҟоуп ирацәаҩны. Ҭырқәтәылатәи адиаспора Европа инхо ф-миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп, ԥсшьара ҳәа иаауеит урҭгьы. Атуризм аминистрра адыррақәа рыла 25-26 миллион ауааԥсыра Ҭырқәтәылаҟа иааит", - иҳәеит Аҟәысба.

Иара иазгәеиҭеит ачымазара ҿкы арԥсыҽразы атәылаҟны гәыӷырҭас ирымоу алаҵа аҟаҵара шакәу.

Шәазыӡырҩы аудио.