Ҭырқәтәыла урыстәылатәи атуристцәа рзы аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа дырӷәӷәоит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Турция
Страны мира. Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа акоронавирустә хҭысқәа 12 381 ҟалеит, уи лаҵара 12 рзы иҟаз арбага аасҭа иҳаракуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аинфекционистцәа реидгыла ахада Мехмет Џьеихан ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи атуристцәа рзы аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа дырӷәӷәарц.

Уи аԥхьа Агәабзиарахьчара аминистр Фахреттин Коџьа аԥкыра ӷәӷәақәа ирзыхынҳәырц иҳәеит.

"Ганкахьала алаҵаҟаҵара мҩаԥгалатәуп, аҽаганкахьала аҳәынҭқарра аԥкрақәа ахы ианархәалароуп. Ауааԥсыра асабрада арежими адистанциеи ирықәныҟәароуп. Урыстәылатәи атуристцәа рганахь еиҳа ирӷәӷәоу аԥкрақәа алагалатәуп", - ҳәа иҩуеит Џьеихан Twitter аҿы.

COVID-19 аҿагылараз аоперативтә штаб иаӡбеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркызарц рашәарамзазы.

Ҭырқәтәыла фышықәса иреиҳабу алаҵа змам атуристцәа уахь инеиаанӡа 72 сааҭ шагыз иҟарҵаз ПЦР-тестқәа рымазароуп ма COVID-19 шрыхьхьоу азы ашәҟәы. Алаҵа ззыҟаҵоу уи азы асертификат рымазароуп. Асертификат англыз бызшәала ихарҭәаазароуп, аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы адыррақәа анубаалозароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0