Арадио

Габилаиа Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭазы: анхацәа ркарпыжәқәа амшын ихын

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габилаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы аӡхыҵра иахҟьаны ибгаз ацҳақәа реиҭашьақәыргыларазы имҩаԥысуа аусурақәеи анхацәа ироуз аԥхасҭеи ртәы.
Sputnik
Габилаиа Очамчыра араион иаиуз аԥхасҭазы: анхацәа ркарпыжәқәа амшын ихын

"Амшцәгьа Џьгьарда, Кәтол, Ҭоумышь аҳабла, Кындыӷ ақыҭақәа рынхаҩцәа аԥхасҭа рнаҭеит. Еиҳарак ауҭраҭыхқәа, акарпыжәҭрақәа, амхқәа агеит. Џьгьарда хәба-фба ҭаацәара рыҩнқәа аӡы ҩналеит. Кындыӷ амҩа аҿықә арбгеит, ихыз ацҳа хәыҷы ҵнаӡәӡәааит. Уа аусурақәа ирылагеит. Иара убас, Џьгьарда Дӷамшь аӡиас ихыу ацҳа ҵнаӡәӡәааит. Хара имгакәа уа аус нап архкоит, избанзар, шьапылагьы машьыналагьы ауаа инеиааиртә иҟам. Ҭоумышь аӡы Кындыӷ амхәурсҭақәа ирылганоуп ишаауа. Аҭра ианҭыҵ, анхацәа ркарпыжәқәа агеит. Ари зегьы џьабаауп, ақыҭаҿы анхацәа уи зыҟарҵо иҭиины ак рнаҭозар ҳәа ауп. Рџьабаа зегьы нҭырҳәцааны рызшәаразы алшара ҳамаӡам, аха иахьынӡаҳалшо џьара цхыраарак рыҭатәуп…", - иҳәеит   Габилаиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.