Аҟәатәи амҩақәа хԥа рҿы ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахуеит ашықәс нҵәаанӡа

Џьонуеи, Гәлиеи, Абазақәеи рымҩақәа рҿгьы аусурақәа ишрылгалак акаҭран ақәҵара иалагоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аҟәатәи амҩақәа хԥа – Џьонуеи, Гәлиеи, Абазақәеи рҿы Аинвестпрограмма 2020-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡышьҭрақәеи, аӡымҩангагатә цаҳәақәеи, ақәаршыҩцарҭақәеи рышьҭаҵаразы имҩаԥысуа аусурақәа 2021 шықәса нҵәаанӡа ирылгараны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Уажәы Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы ақәаршыҩцарҭақәа рышьҭаҵара иаҿуп. Иазгәаҭоуп ари амҩаҿы ауадаҩрақәа шыҟоу избанзар наҟ-ааҟтәи аганқәа рҿы абетон иалху аколлекторқәа шьҭоуп, аҵлақәа рдацқәа рышьҭхьеит.

Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аҟазауаа абетонтә хаҳәҟьаԥсқәа ықәганы аҵеџьқәа дрыцқьоит, анаҩс иҿыцу ықәырҵоит.