Аԥсны даҽа 176-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21911-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17445-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 602-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 176-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 46 шықәса зхыыҵаз хаҵаки, 73 шықәсеи, 75 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 169-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 36-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 44-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>