Ақыҭанхамҩа аминистрра: ақәаршҩы иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ацхыраара роуеит

Ԥхынгәы 27 ауыха Аԥсны иахьаҵанакуа ақәаршҩы ӷәӷәаны илеит, аӡқәа хыҵны ауаа ирыҵалеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ааигәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ауаа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит,абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь.

"Кындыӷ ақыҭаҿы акарпыжә аазрыхыз аԥхасҭа роуит. Хә-гектарк аҽаҩра ықәнаӡәӡәааит. Шә-тоннак рҟынӡа аалыҵ рцәыԥхасҭахеит. Уахь инеины ирбеит Очамчыра араион ахадара ақыҭанхамҩа аусбарҭа ахаҭарнакцәа. Аԥхасҭа ахәшьара арҭоит", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы Кындыӷ 12 гектар аџьықәреи аӡы иагеит.

Сурманиӡе еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз рызҵаара ахьынӡаҭҵаау атәы

Азыԥхьагәаҭарақәа дрылацәажәо Дмитри Ҳагәышь иҳәеит, Аԥсны сынтәа 5,5 нызқь тонна акырпыжәи ашьынкеи рҽаҩра ишазыԥшу. Аҭыԥантәи аарыхыҩцәа адгылара рыҭаразы атәыла анҭыҵынтәи аалыҵ аагара азҵаара далацәажәеит.

"Ари аҩыза ауадаҩрақәа ыҟоижьҭеи акыр ҵуеит. Ҩышықәса раԥхьа ақәҵара азырхиара ҳҭахын, Аԥсны иаадрыхуа аҽаҩра аныҟало аламҭалазы абаџь шьҭыхны Аԥсныҟа иаларгало акырпыжәи ашьынкеи ахылаԥшар рыҭаразы", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара 2012 шықәсазы анапы аҵаҩын аиқәшаҳаҭра. Уи инақәыршәаны Урыстәыла ма Аԥсны иаадрыхуа аалыҵ абаџь ақәҵахом. Убри азы Аԥснытәи аарыхыҩцәа аконкуренциа шроуагьы аалыҵ алагалара аҭышәныртәалара залшом иҳәеит Дмитри Ҳагәышь.