Аԥсны COVID-19 зыдбало рхыԥхьаӡара 22 нызқь ирхысит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22083-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17806-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 595-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 172-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 169-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 39-ҩык, ибжьаратәуп - 46-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 49-ҩык, урҭ рахьтә 11-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>