Арадио

Наҷҟьебиа амшцәгьа инаҭаз аԥхасҭа азы: акарпыжә аганахьала "ҳҭынчуп"

Кындыӷ ақыҭа инхо, акарпыжә аазрыхуа Дмитри Наҷҟьебиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 27 ауыха амшцәгьа иахҟьаны иура иаиуз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Наҷҟьебиа амшцәгьа инаҭаз аԥхасҭа азы: акарпыжә аганахьала "ҳҭынчуп"

"Ҩ-гектарк рҟынӡа исыман акарпыжә лаҵаны, уи аҟынтәи акгьы аанымхаӡеит, даара аԥырхага ӷәӷәа ҳнаҭеит амшцәгьа. Адгьыл ҟьантазӡа иӡәӡәаны иҟанаҵеит, анышә агәӡа иҟаз зегьы ықәнахит. Акарпыжә хәба-фба кьыла рҟынӡа инеихьан, даҽа ҩажәаҟа мшы агын. Агәылацәагьы убас аԥхасҭа роуит. Аӡхыҵрақәа ҟалахьан, аха сынтәатәи еиԥш исымбацызт", - иҳәеит Наҷҟьебиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: