Нанҳәамзатәи аԥсшьараамҭаз Цандрыԥшь ауаа еиҳа иахьмаҷу акурортқәа ирыҵанакит

Аԥсшьаразы анхарҭа ахьҿарҵо амаҵзура TVIL.RU иалнакааит нанҳәамзазы еиҳа иҭынчны, ауаа маҷны иахьыҟоу аԥсшьара ҭыԥқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аԥснытәи акурорт еиланхарҭа Цандрыԥшь Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа еиҳа ауаа маҷны ҭынчрала аԥсшьара ахьрылшо акурортқәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Амаҵзура TVIL.RU. иазгәанаҭоит ақалақь дуқәа ирцәыхарам акурорттә еиланхарҭақәа урыстәылаа еиҳа бзиа ибаны ишалырхуа. Арҭ аҭыԥқәа рҿы агәмырҿыӷьга ҭыԥқәа маҷзаргьы амшын еиҳа ицқьоуп.
TVIL.RU астатистикала атуристцәа нанҳәамзазы аиҳарак иҿарҵоит 2 - 9.5 уахы, инырхырц иазыхиоуп 1,8 нызқь инаркны 6,5 нызқь мааҭ рҟынӡа уахыки-ҽнаки ала. Зегь раасҭ ахәқәа мариоуп Саратов, ахәқәа дууп Кондопога.
Ауаа ахьмаҷу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рсиа:
*Аотельқәа рҿы абжьаратә хәыԥса.