Аҟәа амшын аҿы аԥкратә дыргақәа ықәдыргылеит

Аԥсны амшынҭаларатә сезон аадыртит рашәара 5 азы. Амшын аԥхарра 27 градус иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аҟәа аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа рҿы аԥкратә дыргақәа ықәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА асаит.
50 ӡҳәаарбага амшын иалагаланы иқәдыргылт 30-50 метра рыбжьаҵаны Диоскураа рыԥшаҳәа инаркны Алашарбагахь ахаҵәирҭа аҟынӡа.
Аӡҳәаарбагақәа рықәыргылараҿ Аҟәа ахадара ацхыраара рырҭеит Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа.