Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп акоронавирус аҟынтәи ҩ-партиак алаҵа

Акоронавирус аҟынтәи алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иааган 2021 шықәса мшаԥы 30 азы. Ареспубликахь иааган 6500 доза "Спутник V".
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп акоронавирус аҟынтәи ҩ-партиак алаҵа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент адепутат Рауль Лолуа.
Актәи апартиа хә-нызқь доза ыҟоуп, аҩбатәи – жәанызқь доза. Иарбан лаҵоу иааргараны иҟоу Лолуа иазгәеимҭеит.
Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 6400-ҩык Аԥсны ауааԥсыра
Апарламент адепутат ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа рхы иархәаны алаҵа ҟарҵарц, избанзар ари хра змоу усуп ачымазара аанкыларазы.
"Ҳара локдаун ҳазрылаҳәом. Адунеи зегьы алаҵа ҟарҵоит. Иҳаԥну атәылақәа Урыстәылеи Қырҭтәылеи алаҵа ҟарҵоит. Алаҵаҟаҵара хымԥадатәуп. Иаразаҵәык ауп ачымазара аанкылара зылшо", - ҳәа азгәеиҭеит Рауль Лолуа.
Акоронавирус аҟынтәи алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иааган 2021 шықәса мшаԥы 30 рзы. Ареспубликахь иааган 6500 доза "Спутник V".
Алаҵаҟаҵара хацыркын лаҵара 11 рзы.
Уаанӡа Ашәарҭадаратә хеилак аилацәажәараҿы Аслан Бжьаниа иҳәеит абри азҵааразы Урыстәыла ахада Иусбарҭа дшаныруа.