Аԥсныҟа анаркотик рацәа алагалара аиҿкааҩ ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Аԥсныҟа анаркотик рацәа алагалара аиҿкааҩ ҳәа агәҩара ззыҟоу дааныркылеит Аԥсны ААР Анаркотик аикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭеи Ашәарҭадаратә маҵзура аоперативтә ҟәшеи русзуҩцәа ԥхынгәы 28 азы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынгәы 30 азы ҩымз ҳәа ддырбаандаҩит Аԥсны иатәылауаҩу Аԥсныҟа анаркотик рацәа алагалара аиҿкааҩ ҳәа агәҩара ззыҟоу 1970 шықәсазы ииз Самсониа Реваз Гәыда-иԥа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Самсониа Реваз Гәыда-иԥа
Аԥсныҟа анаркотик рацәа алагалара аиҿкааҩ ҳәа агәҩара ззыҟоу дааныркылеит Аԥсны ААР Анаркотик аикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭеи Ашәарҭадаратә маҵзура аоперативтә ҟәшеи русзуҩцәа ԥхынгәы 28 рзы. Иара ахара идҵоуп анаркотикатә маҭәашьарқәеи, апсихотроптә маҭәашьарқәеи урҭ реиԥшқәеи Аԥсныҟа ралагалареи, Аԥснынтә алгареи ма иалган агареи азыԥхьагәазҭо ахәҭаҷ инақәыршәаны.