Аԥсны 2021 шықәса аԥхьатәи бжьымз арбагақәа рыла ашәахтә шәарақәа рыплан иахысит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла нанҳәа 1 азтәи арбагақәа рыла аҳазалхратә шәарақәа миллиардки 430,0 миллион мааҭ дыртәеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. 2021 шықәса аԥхьатәи абжьымз рзы Аԥсны абиуџьет иаланагалеит ашәахтә шәарақәа  1607,1 миллион мааҭ, уи аан планла 1354,4 миллион арбан. Аиҩыгара 252,6 миллион мааҭ ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура.
Ажьырныҳәа-ԥхынгәы аплан анагӡара 118,7% артәеит.
Алагаларатә динамика 2020 шықәса иаҿурԥшуазар 137,4% иҟоуп (437,2 миллион мааҭ).
2021 шықәсазтәи алагалақәа:
811,2  
877,8 
240,7
338,9 
80,4
129,2
65,6
109,9  
29,4
43,3
93,3
69,6 
12
12,6 
21,8 
25,7
Абиуџьет ахь иаланагалаз ашәахтәқәа ԥхынгәымза аҩныҵҟаз 366,9 миллион мааҭ ыҟан, планла 298,6 миллион ахьарбаз. Аплан нагӡоуп– 122,9 %.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: