Аԥсны абылтәы аџьырмыкьа алахәылацәа русуратә ҭагылазаашьа еиҭахәаԥшхоит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган абылтәы аҭира аусхк иалахәу анаплакҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥылгеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны абылтәы аџьырмыкьа алахәылацәа русуратә ҭагылазаашьа хара имгакәа еиҭахәаԥшхоит. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика аекономика аминистрра асаит.
Аекономика аминистрра анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аиҭакраз ажәалагала ҟанаҵеит
Аиԥылара иалахәын абылтәы азы аилахәырақәа ԥшьба рхаҭарнакцәа.
Аилацәажәараҿ ирзааҭгылеит аҭагылазаашьа алҵраз лшарас иҟоу, аҳазалхратә шәарақәа рыҿҳәара анахара, анефҭаалыҵ ахәԥса еиҳа аԥсахра, аҳәынҭқарра ацхыраара азҵаарақәа.
Аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ирҳәеит уажәнатә цәыӡла аус шыруа, аахәаратә хәыԥсақәа иахьрыцло азы. Убри аан азаҵәҭирақәа рыхәԥса аидкыла ҭира иахьаҟәыҵыз азы ишныркыло.
"Абылтәы ҳхатә былтәыҭаҭәарҭақәа рҿы иаҳҭиуеит. Ари азаҵәхархәаҩ иҭахрақәа хнаҩоит, аха  анаплакы афинанстә хәҭа ацәыӡ аиуеит", - рҳәеит аилахәырақәа рнапхгаҩцәа.
Кристина Озган аҳәара ҟалҵеит иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа нанҳәамзатәи аахәарақәа алдыршарц, акурорттә сезонгьы азыԥхьагәаҭаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: