АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 392-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 98-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык: 76 шықәсеи 80 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи, 42 шықәсеи 83 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 178-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 41-ы, ибжьаратәуп - 51-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 47-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>