Аԥсны 2021 шықәсазы аҳақьымцәеи арҵаҩцәеи рулафахәы иацҵахоит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара "2021 шықәсазы агәабзиарахьчара, аҵара, аҭҵаарадырра, акультура, асоциалтә маҵзура русхк аҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориа хадақәа рулафахәы ацҵаразы" апроект рыдыркылеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Абиуџьет аусзуҩцәа ркатегориа хадақәа рулафахәы иацҵахоит. Абри азы аӡбра аднакылеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит, ари аҩыза аӡбра хықәкны ишамоу 2015 шықәса мшаԥы 14 азы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра анагӡара.
Афинансқәа рминистрра аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь аԥаразшәарацҵа азыԥхьагәанаҭоит
"2016 шықәса раахыс етап-етапла абиуџьеттә усзуҩцәа аиҳарак агәабзиарахьчара, аҵара, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт русхк иаҵанакуа рулафахәы иацаҳҵоит. Сынтәагьы абжьааԥнеиԥш ари аус наҳагӡоит", - иҳәеит Делба.
Иара иажәақәа рыла бжьаратәла аҵара аусхк аҟны 26% ишьҭыххоит, агәаабзиарахьчара асистемаҿ –25%.
"Ишәсырдырыр сҭахуп ари абжьаратә рбага анаӡаратә ҟазшьа шакәу. Уи иаанаго аулафахәы апроект иарбоу аҟара ҟалоит, аха ҩныҵҟала аусуҩцәа инарыгӡо аус иахьырԥшхоит", - иҳәеит Делба.
Аулафахәы ззышьҭырхуа рхыԥхьаӡара быжьнызқьҩык ирхысуеит: арҵаҩцәа – 3527-ҩык, ашколқәра иаҵанамкуа аусҳәарҭақәа рырҵаҩцәа – 448-ҩык, аҳақьымцәа – 718-ҩык, абжьаратә амедусзуҩцәа – 1725-ҩык, аиҵбыратә амедусузҩцәа- 615-ҩык.
Ари аԥсахра азыԥхьагәаҭан Ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа ралагаларазы апроект аҿы. Иазырхоуп 275 миллион мааҭ иҳәеит Делба.