АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 446-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 128-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит хҩык: 76 шықәсеи, 80 шықәсеи зхыҵуаз аҳәсеи, иара убас 80 шықәсеи зхыҵуаз хаҵаки.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 176-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 42-ҩык, ибжьаратәуп - 68-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 40-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>