Аԥсуа еибашьыга шхәа Маиҟәаԥ иддырбеит

Аибашьыга шхәа еиҭашьақәыргылан архивтә ҵәаӷәанҵақәа рыла Петрозаводск, аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵарала.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсуа-адыга еибашьыга шхәа ареплика ддырбеит Маиҟәаԥ, Мрагылара амузеи аҿы. Абри атәы Facebook аҿы ианиҵеит аетнопарк "Аԥсны" аиҿкааҩцәа ируаӡәку аҵарауаҩ Адгәыр Какоба.
Ҩ-шәышықәсак рнаҩс: амчыбжь анҵәамҭаз Аԥсныҟа иааргоит аԥсуа еибашьыга шхәа
"Иахьа, нанҳәа 4 азы Маиҟәаԥ, Мрагылара амузеи аҿы аԥсуа-адыга еибашьыга шхәа ареплика ӡырган. Ҳашьцәа адыгаа шьахәла ҳрыдыркылеит. Иҭабуп!", - иҩуеит Какоба.
Ашхәа қәҿиарала иԥыршәеит Онегатәи аӡиаҿы иҟоу аӷбаргыларҭа "Варяг" аҿы. Ашхәа аура 14,5 метра иҟоуп, аҭбаара - 2,5 метра. Ажәҩақәа 14 амоуп. Карелиатәи аԥсаӡи аџьи ирылхуп. Сааҭк ала аццакра 12-14 километра инаӡоит. 50-ҩык ауаа акуеит. Ашхәаргылараан аҵәаӷәанҵа аԥсахрақәа алагалатәхеит. Аԥсуа шхәақәа роура 17 метра иҟан, аха нас амҩангара маншәалахарц азы уажәы аура иагдырхеит.
Sputnik аинтервиу аҭо асахьаҭыхыҩ, аҵәаӷәанҵа автор Баҭал Џьапуа ишиҳәо ала, арҭ ашхәақәа реиԥш змаз аԥсуааи адыгақәеи ракәын. Дара рыхкқәа рацәан. Иҟан 200-300-ҩык шьҭызхуаз.
Иара аӡиа Риҵа ихырҵоит. Атәыла анапхгара ашхәа азы Сталин идача аӷбакыдгыларҭаҿы аҭыԥ аздырхиеит. Аекскурсиақәа мҩаԥгалахоит. Иҟалоит акиноқәа рҭыхраан ахархәара.