Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аусԥҟа дақәшаҳаҭхеит

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра дақәшаҳаҭхеит, абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
"Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра афедералтә анагӡаратә мчрақәа рақәшаҳаҭрала ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз иҟанаҵаз ажәадгала адкылазааит. Аахыҵ Уаԥстәыла уаанӡа аус зыднауылахьаз аиқәшаҳаҭра апроект адгылара ҟаҵо, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥсахрақәа ралагаларазы азин аҭазааит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиқәшаҳаҭра актәи ахәҭаҷ ала "Аганқәа руак атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәымккәа егьи Аган атәылауаҩра аархәар рылшоит".
Аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ ала ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысуеит иахьынхо аҭыԥ аҿы. Уи адагьы ганк аҿы аррамаҵзура иахысыз, егьи аган аҿы арранаԥхьара даҵанакуам.
Аԥсни Урыстәылеи ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2002 шықәсазы. 2008 шықәсазы, Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь ари аус аанкылан.