https://sputnik-abkhazia.info/20210805/Putin--tylauarak-aiurazy-Aakhy-Uastylei-Urystylei-rybzhara-ausa-dashaakheit-1032978905.html
Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аусԥҟа дақәшаҳаҭхеит
Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аусԥҟа дақәшаҳаҭхеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. 05.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-05T11:54+0300
2021-08-05T11:54+0300
2021-08-05T11:54+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0c/1032824795_0:186:2978:1861_1920x0_80_0_0_ea48b1f64bbf4000efd4972a564af99a.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра дақәшаҳаҭхеит, абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.Аиқәшаҳаҭра актәи ахәҭаҷ ала "Аганқәа руак атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәымккәа егьи Аган атәылауаҩра аархәар рылшоит".Аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ ала ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысуеит иахьынхо аҭыԥ аҿы. Уи адагьы ганк аҿы аррамаҵзура иахысыз, егьи аган аҿы арранаԥхьара даҵанакуам.Аԥсни Урыстәылеи ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2002 шықәсазы. 2008 шықәсазы, Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь ари аус аанкылан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0c/1032824795_125:0:2854:2047_1920x0_80_0_0_b3f4a9cdd0c39b3f759d7e2c42e9215f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аусԥҟа дақәшаҳаҭхеит
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра дақәшаҳаҭхеит, абри азы
аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
"Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра афедералтә анагӡаратә мчрақәа рақәшаҳаҭрала ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз иҟанаҵаз ажәадгала адкылазааит. Аахыҵ Уаԥстәыла уаанӡа аус зыднауылахьаз аиқәшаҳаҭра апроект адгылара ҟаҵо, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥсахрақәа ралагаларазы азин аҭазааит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиқәшаҳаҭра актәи ахәҭаҷ ала "Аганқәа руак атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәымккәа егьи Аган атәылауаҩра аархәар рылшоит".
Аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ ала ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысуеит иахьынхо аҭыԥ аҿы. Уи адагьы ганк аҿы аррамаҵзура иахысыз, егьи аган аҿы арранаԥхьара даҵанакуам.
Аԥсни Урыстәылеи ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2002 шықәсазы. 2008 шықәсазы, Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь ари аус аанкылан.