Стенин ихьӡ зху аицлабраҿы иреиӷьу афотосахьа онлаин-бжьыҭирала иалхуп

Стенин ихьӡ зху аицлабраҿы Гран-При зауа цәыббрамзазы деилкаахоит. Усҟан аформат онлаин-церемониаҿ ажиури 2021 шықәса ашорт-бӷьыц ианылаз алауреатцәа рыхьӡ рҳәоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи аицлабраҿы аинтернет-хархәаҩцәа ргәаанагарала иреиӷьу ҳәа иалкаауп Бангладештәи афотоҭыхыҩ Рафид Иасар иҭыхымҭа "Насыԥ змоу афермер".
Рафид Иасар иҭыхымҭа "Насыԥ змоу афермер".
Иасар дгәыӷуеит иусумҭа аудиториа ду иахьазхарҵаз игәаҳәара – режиссиорс аҟалара дахьнагӡап ҳәа.
"Ажәлар рыбжьыҭара Гран-При шакәым еилыскаауеит. аха уигьы дгылароуп. Аицлабраҿы сара саасҭа аӡәы аиааира иҭахуп ҳәа сыҟам. Ишыҟазаалакгьы реиҳа иаԥсоу даиааиааит", - иҳәоит иара.
Стенин ихьӡ зху аицлабраҿы Гран-При зауа цәыббрамзазы деилкаахоит. Усҟан аформат онлаин-церемониаҿ ажиури 2021 шықәса ашорт-бӷьыц ианылаз алауреатцәа рыхьӡ рҳәоит. Аиҿкааҩцәа еснагь аиԥш ирыгәҭакуп иаиааиуа аусумҭақәа ртурне ду аиҿкаара.
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара ашорт-бӷьыц ҟаҵоуп
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп. Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ, аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала.
2021 шықәса рзы аконкурс информациатә партнер хадоуп: аинформациа-жәабжьтә портал Вести.Ru, урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә телеканал "Россия-Культура", ателеканал "Москва 24".
Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партнерцәаны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ажәабжьтә маҵзура ANA, ателеканали апортали RT, Shanghai United Media Group (SUMG), аинтернет-портал China Daily, аинтернет-портал The Paper, амедиа-ҳа Al Mayadeen, аинформациатә маҵзура Prensa Latina, аинтернет-портал DBW.