Урыстәыла атәылауаҩ лыхшыбаҩ ааха аманы Гагрантәи Шәача ахәшәтәырҭахь дыргеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳәара иахаҵгылеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аԥсны АҶА амедусзуҩцәа амашьына ҷыдала шәачатәи ахәышәтәырҭа №4 ахь диаргеит амашәыр иахҟьаны зыхшыбаҩ ааха змаз урыстәылатәи атәылауаҩ. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, аԥҳәыс илоуз ааха амашәыр иахҟьеит ҳәа.
Аиқәырхаҩцәа рахь ацхыраара иаҳәеит Гагра араионтә хәшәтәырҭа аиҳабыра.