Ԥачлиаԥҳа COVID-19 аларҵәаразы: ҳара ҳауп изхароу, ҳчарақәеи ҳаԥсхәрақәеи нымҵәеит

Анацәа рхеилак Гәылрыԥшь араионтә ҟәша ахантәаҩы Раиса Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID -19 шылхылгази, Очамчыра араионтә хәшәтәырҭаҿы ачымазаҩцәа рыхәшәтәразы иҟоу аҭагылазаашьеи ртәы.
Sputnik
"Ачымазара шыҟоу еснагь агәра згон, сҭаацәагьы сыхӡыӡаауан, аха сзацәымцеит. Очамчыра ахәшәтәырҭаҿы сахьышьҭаз избон аусура даара ибзиан ишеиҿкаау. Аҳақьым хадеи, уи лусзуҩцәеи русура зегьы ачымазаҩцәа рмаҵура иазкуп. Ачымазара уажәы даара аҽарҿианы иҟоуп, ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоу рхыԥхьаӡара маҷым. Аха убри аан сара ари атуристцәа ирыхҟьеит сызҳәом. Аԥсшьаҩы сара сыҩны дмааит, иахьсыхьызгьы сыздыруам. Атуристцәа рыла ҳара рацәак ҳҟьашьуам. Ҳара-ҳара ҳауп иаҳа изхароу, ҳчарақәеи ҳаԥсхәрақәеи нымҵәеит, убри хәыҷык иаанкылатәуп", - азгәалҭеит Ԥачлиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.