Аԥсны АҶА аҟәатәи аплиажқәа рҿы ашәарҭадара шеиҿкаау агәаҭара мҩаԥнагеит

Нанҳәамза алагамҭазы аҟәатәи амшынхәҭаҿы аӡҳәаарбагақәа ықәыргылан, аха аӡаҿы ашәарҭадара ирықәымныҟәакәа урҭ ирхысуа маҷҩым.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа аҟәатәи аплиажқәа рҿы аӡаҿтәи ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо гәаҭаны иахысит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аҟәа амшын аҿы аԥкратә дыргақәа ықәдыргылеит
Нанҳәамза алагамҭазы аҟәатәи амшынхәҭаҿы аӡҳәаарбагақәа ықәыргылан, аха аӡаҿы ашәарҭадара ирықәымныҟәакәа урҭ ирхысуа маҷҩым, атәыла асасцәа реиԥш аԥшәмацәагьы. Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа агәҽанҵара ҟарҵоит ашәарҭадаратә ԥҟарақәа еиларымгаларц.
Аинспекциа иара убасгьы агәаҭара иахрыжьит ажәытә баӷәазақәа ирыҵаркуа аҭыԥқәагьы. Урҭ Аҟәа хԥа ыҟоуп: Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, Амшын баӷәазеи Алашарбагеи араионқәа рҿы. Ара аҽыкәабареиԥш, аӡы алаԥаларагьы шәарҭоуп, аӡаҵантә аихаҵәқәа ахьааԥшуа аҟынтә.
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусбарҭа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа ишиҳәаз ала, ақалақь ахадарахь аҳәара ҟарҵеит арҭ аҭыԥ шәарҭақәа акәырша рырҭарц. Аиҳарак ара иубо ақәыԥшцәеи ахәыҷқәеи роуп. Аусбарҭа аусзуҩцәа мышк мцац арантәи ауаа ықәрымцацкәа. Сабуа дақәгәыӷуеит Алашарбагатәи абаӷәаза аметалл иалху асеткала иҭахыркаап ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны амшын аҟәарақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит АҶА аҿы