Гәдоуҭатәи амилициа зыуацәа зышьҭаз атуристцәа рыԥшааит

Уажәтәи аамҭазы ирԥшааз атуристцәа ашьхараҿы рыԥсы ршьоит, Аԥсны иналс-аалсны аныҟәара ргәы иҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа зыуацәа зышьҭаз Санкт-Петербургтәи атуристцәа ахьыҟаз аҭыԥ шьақәдыргылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа афонтәи ашьхараҿы иҟьалаз аԥсшьаҩы дрыԥшааит
Санкт-Петербург инхо Аԥсны зыԥсы зшьо аԥҳәыс лыԥҳаи лмоҭеи рхабар анылмаҳа, Аԥсны ААР ахь нанҳәа 6 азы ацхыраара даҳәеит. Амилициа сааҭқәак рыла атуристцәа рмаршрут еилкааны иахьыҟаз аҭыԥ шьақәдыргылеит.
Хатәы машьынала ани аԥҳаи Гәдоуҭа араион амшын аԥшаҳәаҿы аамҭа рхыргеит, Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәа рахь ицаны ирбеит, нас Риҵатәи аиҩхаахь ихалеит. Нанҳәа 4 рзы ашьхахыҵырҭа Пыв ахь ихалеит. Уа аимадаратә ҳа аусура ԥкхеит.
Уажәтәи аамҭазы атуристцәа ашьхараҿы рыԥсы ршьоит, Аԥсны иналс-аалсны аныҟәара ргәы иҭоуп.