Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жьиба Шлыпра аԥсшьараамҭа иазкны

Мысра амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаау аҭыԥ Шлыпра напхгара азызуа Шәарах Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи русура шеиҿкаау атәы.
Sputnik
"2003 шықәса рзы раԥхьа ҳааит, убри аахыс хәыҷы-хәыҷла нап адкыло ҳааиуеит. Аԥсшьаҩцәа аауеит, мышкы, ҩымш, мчыбжьык аҟарагьы зыԥсы зшьо дубап, егьыс аҭыԥантәи ауааԥсырагьы рацәаҩуп. Есышықәса џьара иҳариашоит, акрыфарҭатә ҭыԥқәа роума, анышьқәа роума, ҳаналага аахыс иҳарҳауа ахәыҷы убрахь иахҭынҵо, ауаа рааира иаҳа иҳарманшәало ҳаҿуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Жьиба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.