Аҟәа амҩадуқәа ҩба рҟны ганклатәи амашьынаныҟәара еиҿыркаауеит

Аҟәа амҩақәа рҟны амашьынаныҟәара аҽахьеиҭанакыз азы уи атәы зҳәо амҩатә дыргақәа дыргылоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы Академик Марр имҩала Лакоба имҩа инаркны Арӡынба имҩаҟынӡа ганклатәи амашьынаныҟәара еиҿкаахоит, иара убас Ажәанба имҩала Аиааира амҩаду инаркны Лакоба имҩаҟынӡа. Абри азы адҵа инапы аҵаиҩит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ахәаша нанҳәа 6 рзы ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.
Адҵа амч аиуеит АИХқәа рҟны ианыркьыԥхьыз инаркны бжьымш рышьҭахь.
Ари аус азы аҭакԥхықәра зду амаҵзурақәа Марр, Лакоба, Ажәанба, Арӡынба рымҩақәеи Аиааира амҩадуи рҿы иахәҭоу амҩатә дыргақәа дыргылоит.
Аҟәа ақалақь ахада идҵа анагӡашьа иахылаԥшлоит Атранспорти амҩатә ныҟәара аиҿкаареи рхылаԥшразы аҟәша аиҳабы Ҭемыр Абӷаџь.