Акоронавирус аҟынтә даҽа партиак алаҵа Аԥсныҟа иааргеит

Аԥсны анапхгареи Агәабзиарахьчара аминистрреи ирылшеит Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликахь COVID-19 аҟынтәи алаҵа аарышьҭратәы аҟаҵара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Нанҳәа 6 рзы ахәылԥаз Аԥсныҟа иааргеит акоронавирус аҟынтәи 5000 доза алаҵа "Спутник Лайт", абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Уи апартиа, аԥҟарақәа ишырҳәо еиԥш, Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны архьшәашәагақәа ирҭаҵаны иҵәахуп.
Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп акоронавирус аҟынтәи ҩ-партиак алаҵа
Уажәтәи апартиа ахә ахшәааны Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи иааргеит. Ари аус ҷыдала хылаԥшра аиҭон Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Алаҵа аахәареи атәылахь аагареи рзы ахарџь ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Аиҿкаара-зинтә зҵаарақәеи амҩангареи рус аҟны ацхыраара ҟарҵеит Москватәи Аԥсуа диаспора иатәу COVID-19 аԥырҟәҟәаареи аламырҵәареи рзы Аԥсны ацхырааразы еиҿкаау аоперативтә штаб аусзуҩцәа.
"Спутник Лайт" COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи лаҵоуп, иара аус адырулеит Гамалеи ихьӡ зху Аепидемиологиеи амикробиологиеи рзы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аҿы. Иара алаҵа "Спутник V" азкомпонентк злоу лаҵоуп, 85% рыла ачымазараҿкаҟынтәи уахьчоит.