Бжьаниа: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵара алшара ҿыцқәа аанартит

Аԥсны ахада официалла раԥхьаӡа акәны Цхьынвал даҭааит нанҳәа 6 азы, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла аганахьала ҳҳәынҭқаррақәа разхаҵара алшара бзиақәа цәырнагеит аизҳаразы ҳәа. Иара убас дазааҭгылеит, 2005 шықәса цәыббрамзазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра нап шаҵаҩыз.
"Ианыуадаҩыз аамҭақәа рзгьы, ирацәоуп зыҟаҵара алшазгьы. Ахьыԥшымра анҳау ашьҭахь, зынӡа ҳалшрақәагьы хазхеит, уи ҳхы иаҳархәароуп", - иҳәеит Аԥсны ахада. 
Ҳреспубликақәа рыбжьара атауареиқәшара маҷын, аха сынтәатәи ашықәс азын акыр ишьҭыҵит.
Быжь-ҳәынҭқаррак - ЕАА, Британиа ду, Франциа налаҵан Урыстәылаҟа ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра рхыхтәуп ҳәа, иара убас уаантәи рырбџьармчқәа алыргарц аҳәамҭа ҟарҵеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Бибилов ари ааԥхьара цәаԥҽыгоуп ҳәа ахиҳәааит. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу ааԥхьара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа.
"Ас еиԥш ааԥхьарақәа аус аҭышәныртәалара иацхраауам, иаҳагьы иаруадаҩуеит", - иҳәеит Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы инеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: