АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 407-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 86-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 167-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 45-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 42-а, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>