АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Аслан Бжьаниа 13-шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа ртәы дазааҭгыло иҳәеит, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар шалшоз атәы шеилыркаауаз.
"Аибашьратә ҽазыҟаҵара бзиа аадырԥшит Аԥснытәи арбџьармчқәа. Ишәгәаласыршәуеит, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа ишырлыҵшәоу Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҵаҟа иҟаз Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ахақәиҭтәра. Аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аԥышәара иахыжьын ари аамҭазы, аха лыԥхала зегьы ириааит", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Анатоли Бибилов иазгәеиҭеит, Аԥснынтәи 2008 шықәсазы ауаԥс жәлар ацхыраара рыҭаразы Цхьынвалҟа ишнеиз имаҷҩымкәа аибашьцәа.
Амҽыша нанҳәа 8 азы Цхьынвал имҩаԥысуеит агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааит, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: